Керчь иҭахаз зегьы рхаҭарақәа шьақәыргылоуп

Керчтәи аколлеџь акрыфарҭаҿы аметалл иалху амаҭәашьара ала еибаркыз арԥжәага тҟәацит. Абри ашьҭахь ахысрақәа ҟалеит. Иҭахеит 19-ҩык, 50-ҩык рҟынӡа еиуеиԥшым ахәрақәа роуит.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 18— Sputnik. Аколлеџь аҿы иҟалаз аԥжәареи уи ашьҭахьтәи ахысрақәеи ирыхҟьаны иҭахаз зегьы уажәтәи аамҭазы рхаҭарақәа шьақәыргылоуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Дилиавера Мельгазиева лажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

"Иҭахаз зегьы рхаҭарақәа шьақәыргылоуп", — лҳәеит Мельгазиева, иара убри аан иазгәалҭеит 15-ҩык шыстудентцәаз егьырҭ аҵараиурҭаҿы аус шыруаз.

Урыстәыла аусҭҵааратә Еилакы Керчь иҟалаз ахҭыс терактуп ҳәа ахырҳәааит

Ахашаҽны Керчьтәи аколлеџь акрыфарҭаҿы аметалл иалху амаҭәашьара ала еибаркыз арԥжәага тҟәацит. Абри ашьҭахь ишырҳәо ала ахысрақәа ҟалеит. Иҟалаз иумҭоуп иара абри аҵараиурҭаҿ аҵара зҵоз астудент Владислав Рослиаков. Иара ииуз ашьҭахь ихы даеихсит.

Абри ахҭыс аганахь ала ашьаус хацыркуп.

Ахәрақәа зауз рҟынтә иҟоуп зҭагылазаашьа акыр иуадаҩу.

Мызкы аԥхьа Рослиаков абџьар аныҟәгара азин иоуит. Убри аан иара дырхысит амедицинатә комиссиа агәаҭарақәа зегьы.