Медведев: ҳбанкқәа рганахь Америка иҟарҵо асанкциақәа хәаахәҭратә еибашьраоуп

Нанҳәамза алагамҭазы асенаторцәа ргәыԥк ахәаԥшраз Еиду Америкатә штатқәа Аконгресс хыхьтәи апалата ирыднагалеит урыстәылатәи абанкқәа рганахь ала асанкциа ҿыцқәа рзы азакәан апроект ҿыц.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 18 — Sputnik. Урыстәыла аԥыза-министр Дмитри Медведев Euronews аинтервиу анаиҭоз иазгәеиҭеит ЕАШ урыстәылатәи абанкқәа рганахь ала имҩаԥнаго асанкциақәа хәаахәҭратә еибашьраоуп ҳәа, иагьазгәеиҭеит Москва уи анырра аиааира алшоит ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Евроеидгыла Урыстәыла аганахь ала хаҭалатәи асанкциақәа ирыцнаҵоит

Аԥыза-министр иҳәеит асанкциақәа рыхьанҭарала адунеитә економикатә еиҿкаара шьақәырҟьар рылшоит ҳәа.

"Ҳара ибзианы еилаҳкаауеит Америка имҩаԥырго аусқәа зегьы ирхықәку аҩныҵҟатә-политикатә хырхарҭа шрымоу. Европатәи атәылақәа рҿгьы иара убас ауп. Урыстәыла иаҿагыланы имҩаԥырго аусқәа зегь рҟынтәи 90% аҩныҵҟатә хықәкы рымоуп: амчраҿ аанхара, аиҳабыра реиҿкаара уҳәа реиԥш иҟоу", — иҳәеит Медведев.

Нанҳәамза алагамҭазы асенаторцәа ргәыԥк ахәаԥшраз ЕАШ Аконгресс хыхьтәи апалата ирыднагалеит урыстәылатәи абанкқәа, урыстәылатәи аҳәынҭқарратә уал, уҳәа рганахь ала асанкциа ҿыцқәа рзы азакәан апроект ҿыц.