Америкатәи авертолиот арратә ӷба иақәҳаит

Ахҭыс ҟалеит жьҭаара 19 ашьыжь, асааҭ жәба рзы.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 19 — Sputnik. Америка аҳаиртә мчрақәа рвертолиот Sikorsky MH-60 Seahawk авиамҩангаҩ "Рональд Рейган" иақәҳаит Филиппинтәи амшын аҿы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Америка аҳаиртә мчрақәа абыжьбатәи рыфлот адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Иҟоуп ихәу. Урҭ рхыԥхьаӡара шьақәдыргылоит. Амедикцәа урҭ рҭагылазаашьа ҭырҵаауеит, урҭ амшын аҟәарахьы инагатәхар ҟалоит.

Sikorsky MH-60 Seahawk ("Морской ястреб") — хықәкырацәалатәи вертолетуп, арра-мшынтә модификациа: UH-60. Иаԥҵоуп арратә ӷбақәа рҟны ахархәаразы.