ЕАШ зхагылоу акоалициа Шьамтәыла аҭынч уааԥсыра рынхарҭақәа ирылахысуан

Шьамтәыла аҳәынҭқарратә телехәаԥшра абри аан аҭыԥантәи ахыҵхырҭақәа рдыррақәа ҵаҵӷәыс иҟанаҵоит.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 19 — Sputnik. ЕАШ зхадараҿы иҟоу акоалициа Шьамтәыла апровинциа Деир-ез-Зор ақыҭа ас-Суса аҭынч уааԥсыра рынхарҭақәа ирылахысуан ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Америка хадара зызнауа акоалициа ИГ алахәылацәа Шьамтәыла иалыргоит

"Иахьа акоалициа равиациа аҭынч уааԥсыра рыҩнқәа абомбақәа рықәрыжьуан. Ирылахысуан, иара убри ала "Исламское государство" атеррористцәа ацхыраара рыҭо", — ҳәа иҳәеит шьамтәылатәи аррамаҵзурауаҩ.

Иҭахази ахәрақәа заузи рыӡбахә макьана иҳәам.

Шьамтәыла иҟоу еиӷацәоу аганқәа реиныршәаразы урыстәылатәи Ацентр анапхгаҩы Владимир Савченко аҳәамҭа ҟаиҵеит акоалициа рҽахьыдмырҵысуаз иахҟьаны атеррористцәа Евфрат аԥшаҳәа иахьаҵанакуа 20 километра рнапахьы иааргеит ҳәа.