Л-39 ахькаҳаз аԥшаарақәа ирҿуп

Аԥшьашаҽны, Краснодартәи атәылаҿацә, Должанскаиа ақыҭа ааигәара икаҳаит арратә ҳаирплан Л-39. Азовтәи амшын акваториа иахьаҵанакуа аԥшаарақәа шымҩаԥысыц имҩаԥысуеит.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 19 — Sputnik. Аҵара-ҽазыҟаҵаратә ԥырраан икаҳаз аҳаирплан Л-39 аанзыжьыз аԥрыҩцәа макьаназы иахьыҟоу шьақәыргылам ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аинформациеи амассатә коммуникациақәеи рдепартамент адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Аԥшаарақәа ирылахәуп авертолиотқәа ԥшьба, 22-ҩык аԥшааҩцәа, Урыстәыла АҶА акатерқәа ҩба, Урыстәыла ашәарҭадаратә маҵзура акатерқәа ԥшьба.

"Аҳаирплан ахькаҳаз аҭыԥ аҵакыраҿы аԥшааратә усурақәа ирҿуп. Аԥрыҩцәа рхабар макьаназ еилкаам", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Аԥшьашаҽны, Краснодартәи атәылаҿацә, Должанскаиа ақыҭа ааигәара икаҳаит арратә ҳаирплан Л-39. Заанаҵтәи аинформациала иҟалаз зыхҟьаз атехникатә еиқәымшәара акәзар ауеит.