Москватәи ақалақьтә ӡбарҭа Мамаев ихы иақәиҭтәра мап ацәнакит

Ашьапылампыл асыҩцәа Павел Мамаеви Александр Кокорини, Кокорин иашьа Кирилли ахара рыдҵан ииасыз амчыбжь азы ауаҩы дрыпҟеит ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 19 — Sputnik. Москватәи ақалақьтә ӡбарҭа Мамаев ихы иақәиҭтәра мап ацәнакит, Павел Мамаев идукат Игор Бушманов уи азы аҳәара шыҟаиҵахьазгьы ҳәа аанацҳауеит Р-Спорт.

Ашьапылампыласҩы Павел Мамаев идукат Москватәи ақалақьтә ӡбарҭахь аҳәара ҟаиҵахьан Павел Мамаев АК "Краснодар" аҽазыҟаҵарақәа рахь дрышьҭларц.

Адукат иажәақәа рыла: "Мамаев аҽазыҟаҵаратә процесс бжьаижьыр иусура иаԥырхагахоит".

Александр Кокорини Павел Мамаеви ахәмарра азин рымырхыр алшоит

Жьҭаара ааба рзы иҟалеит адырра петербургтәи "Зенит" ажәылаҩ Александр Кокорини "Краснодар" ахьчаҩбжа Павел Мамаеви аҳҭнықалақь акаҳуажәырҭақәа руак аҿы ауаҩы дрыпҟеит ҳәа. Ирыпҟаз ауаҩы – Урыстәыла ахәаахәҭреи ааглыхреи рминистрра аусзуҩ Денис Пак, ахәшәтәырҭахь днаган.

Абри ашьҭахь даанкылан Кокорин иашьа аиҵыбгьы, абри ахҭыс далахәын ҳәа.

Урыстәылатәи ашьапылампылтә Еидгыла арегламент ахәҭаҷ 10 инақәыршәаны, петербургтәи "Зенит" ажәылаҩ Александр Кокорини аклуб "Краснодар" ахьчаҩбжа Павел Мамаеви ԥхьаҟазы ашьапылампыл асреи астадионқәа рҭаареи рзы азин рымнахыр алшоит. Уи адагьы, амбжьах-хымҩаԥгаразы ахәҭаҷ инақәыршәаны аколониаҿ быжьшықәса ахгара рықәшәар алшоит.