Лионель Месси инапы ԥиҵәеит

"Барселона" акапитан 26-тәи аминуҭ азы ахәмаррадәы аанижьыр акәхеит.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 22 — Sputnik. "Барселона" ахәмарыҩ Лионель Месси хымчыбжьа рҟынӡа ахәмаррақәа аанижьыр акәхоит инапы ахьыԥҵәаз иахҟьаны ҳәа аанацҳауеит РИА Новости "Барселона" аофициалтә саит адыррақәа шьаҭас иганы.

"Месси иарӷьанап ԥҵәеит. Хымчыбжьа рҟынӡа ахәмаррақәа аанижьыр акәхоит", — ҳәа аанацҳауеит "Барселона" Twitter аҿы.

​Месси Испаниа ажәбатәи ачемпионат аанижьыр акәхеит. Ахәмарра 17-тәи аминуҭ азы дкаҳаит, иарӷьанапгьы ԥҵәеит. Амедицинатә усзуҩцәа ахәмарра иациҵар рымуит.

Месси "Барси" "Реали" реицыхәмаррагьы (жьҭаара 28) дзалахәхом. Иара убасгьы ибжьаижьыр акәхоит жьҭаара 24 абҵара 6 рзы имҩаԥгахо ачемпионцәа Рлига ахәмаррақәа.