Шьамтәыла ААР: акоалициа Ракка имҩаԥырго геноцидуп

Уаанӡа Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров аҳәамҭа ҟаиҵахьан Америкеи иара адгылаҩцәеи Евфра мрагыларатәи ахәҭа адгьылқәа рҭахуп уа аквазиҳәынҭқарра ашьақәыргылараз ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 22 — Sputnik. Шьамтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра жәларбжьаратәи акоалициа иҟарҵо геноцидуп ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит Ракка ақалақь ахақәиҭтәраан ақалақь абжеиҳара ахьеилаԥыххаахаз инадҳәаланы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Аусбарҭа иаҳәеит уи азы ақәнага иақәыршәатәуп ҳәа.

"Шьамтәыла ақәыӡбоит ииашам аҳәамҭақәа, абрахь иаҵанакуеит Франциа ААР ракка ахақәиҭраз иҟанаҵаз аҳәамҭагьы", — ҳәа рҳәоит аусбарҭаҿ.

"Исламское государство"* атеррористцәа рнапахьы иааргеит ақалақь Ар-Ракка 2014 шықәса рзы, Шьамтәыла иаҳҭнықалақьынгьы аӡбахә рҳәеит. Ракка ахақәиҭтәра хацыркын 2017 шықәса рзы "Шьамтәылатәи адемократиатә мчрақәеи" акоалициеи реицжәыларала. Убри аан акоалициа алахәраз Дамаск азин иазҵаамызт.

Убри аан ақалақь еилаԥыххааса икажьын. Иахьа уажәраанӡагьы еиҭашьақәыргылам.