Урыстәылатәи авиаеилахәырақәа русура ааныркылар алшоит

Урыстәыла атранспорт азы аминистрра ажьырныҳәа 1 2020 шықәса инаркны Урыстәыла аҵакырахь атәыла аҩныҵҟа апассаџьырцәа рҭаҩреи рымҩангареи, рԥарашәареи еиҿызкаауа асерверқәеи асистемақәа рдырра абазеи иагатәуп ҳәа адҵа ҟанаҵоит.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 22 — Sputnik. Урыстәылатәи авиаеилахәырақәа русура ааныркылар алшоит Урыстәыла аҵакырахь атәыла аҩныҵҟа апассаџьырцәа рҭаҩреи рымҩангареи, рԥарашәареи еиҿызкаауа асерверқәеи асистемақәа рдырра абазеи иагатәуп ҳәа Урыстәыла атранспорт азы аминистрра адҵа ҟаҵара инамаданы, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости "Ведомости" ҵаҵӷәыс иганы.

Абри атәы аҳәоит авиаеилахәыра "Сибирь" (S7 Group) адиректор хада Владимир Обедков аҳаиртә транспорт ахархәаҩцәа рассоциациа апрезидент Владимир Тасун изиҩыз ашәҟәы.

Иахьатәи аамҭазы атәылаҿ иреиҳау ҳәа иԥхьаӡоу авиаеилахәырақәа хԥа аҳәаанырцәтәи апроваидерцәа аус рыцыруеит, егьырҭ аилахәырақәа атәылаҿтәи асистема "Сирена-трэвел" аус ацыруеит ҳәа ҳаәоит ашәҟәаҿы.

Обедков иазгәеиҭоит аҭыԥантәи апроваидерцәа авиаеилахәырақәа рҭахрақәа ирықәшәом ҳәа, уи адагьы "Аэрофлоти" S7 аҳаиртә алиансқәа ирылахәуп, урыстәылатәи асистемақәа урҭ аус рыцыруртә еиԥш иҟам.

"Урыстәылаҳаир" анапхгаҩы Александр Нерадько ааԥхьара ҟаиҵеит иарбоу аамҭанӡа аиҭакрақәа мҩаԥгахарц.