Шәача иахьаԥну амшын аҿы аԥшатлакә ҟалар ауеит

Урыстәыла Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра агәҽанҵара ауеит, ауааԥсыра ахыбра ҳаракқәа рааигәареи афымцатә цәаҳәақәа рыҵаҟеи аҟалара рҽацәырыхьчаларц.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 23— Sputnik. Аиланхарҭақәа Магрии Веселоеи рыбжьара жьҭаара 23 рҟынӡа Амшын Еиқәа иналагаланы аԥшатлакә ҵысыр ҟалоит ҳәа аанацҳауеит Кубань24, Урыстәыла АҶА адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

"Иаарту аҭыԥ аҿы шәгылазар шәҽышәҵәахроуп, аҭҳәаа ма ажра шәҭаианы шәхы шәыхьчароуп", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы. Иара убасгьы АҶА агәҽанҵара ауеит, ауаа ахыбра ҳаракқәа рааигәареи афымцатә цәаҳәақәа рыҵаҟаи аҟалара рҽацәырыхьчаларц.

"Ахыбра аҩныҵҟа шәыҟазар, афымцалашара шәырцә, агазмҩангага акранқәа ашәыркы. АҶА адыррақәеи аинформациеи шәаҳарц азы арадио аҿашәк", — ҳәа рҳәеит Аҭагылазаашьа ҷыдақә арзы аминистрра апресс-маҵзураҿы.

Ашәарҭаан аҭел шәасыр шәылшоит абри аномер ала: 112.