ЕАШ ирекордтәу, 1,6 миллиард доллар инаӡо џьек-пот ықәҵан ихәмарит

Хара имгакәа ахәмарра мҩаԥысраны иҟоуп алотереиа Powerball. Иара аџьек-пот иартәоит 600 миллион доллар.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 24— Sputnik. ЕАШ ирекордтәу, 1,6 миллиард доллар инаӡо џьек-пот ықәҵан ихәмарит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, алотереиа Mega Millions аиҿкааҩцәа ринформациа ҵаҵӷәыс иганы.

Краснодар атәылауаҩ алотереиаҿ 75 миллион игеит

Аиааира ргеит аномерқәа: 5, 28, 62, 65, 70, "мега-шар" 70. Макьаназ ишьақәыргылам ӡәыр аиааира игахьоу-имгахьоу.

Америка алотереиа дуқәа Mega Millions; Powerball ааигәа ахәмаррақәа убасеиԥш еиҿыркааит, хаз игоу ахаҿқәа аиааира ргарц азы ршансқәа акыр еиҵахартәеиԥш. Иара убри аан аахәаҩцәа адзыԥхьало џьек-потқәа еиҿыркаауеит.

Уажәтәи џьек-пот аӡәгьы имоур уашьҭантәи ахәмарраан иара ҩ-миллиард доллар инаӡар алшоит.