Римтәи аметро аҿы аескалатор ауаа шақәгылаз икаҳаит

Аахақәа зауз 30-ҩык рыбжьара иҟоуп ЦСКА ахәмарра иахәаԥшырц уахь инеиз урыстәылаа. Италиатәи "Ромеи" урыстәылатәи ЦСКАи рыхәмаррақәа мҩаԥысит Аолимпиатә стадион аҿы.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 24 — Sputnik. Римтәи аметро аескалаторқәа руак каҳаит. Аахақәа зауз 30-ҩык рыбжьара иҟоуп ЦСКА ахәмарра иахәаԥшырц уахь инеиз урыстәылаа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Аинформациа ҳауит аесколатор акаҳараан 30-ҩык еиуеиԥшым аахақәа роуит, урҭ рҟынтәи быжьҩык рҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, егьырҭ еиуеиԥшым ахәахәарақәа рымоуп ҳәа", — ааицҳауеит Италиа иҟоу Урыстәыла адипмиссиа ахаҭарнак.

Аҭыԥантәи амассатә-информациатә хархәагақәа иҟарҵаз аинформациала, урыстәылатәи афанатцәа арыжәтә ыжәны иҟан. Аескалатор аҿы иԥон.

ЦСКА — "Рома" рыхәмарра мҩаԥысит жьҭаара 23, асааҭ 22.00 рзы, Рим, Аолимпиатә стадион аҿы.