Аҵарауаа МКС азы: амикроорганизмқәа ашәарҭара рыцуп

Урыстәыла, Америка, Европа, Канада, Иапониа рҟынтәи аҵарауааи аҳақьымцәеи алацәажәеит акосмос аҿы ԥхьаҟатәи аусурақәа ртәы.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 25— Sputnik. РАН амедико-биологиатә проблемақәа Ринститут адиректор ихаҭыԥуаҩ Валери Богомолов далацәажәеит 100 инарзынаԥшуа еиуеиԥшым амикроорганизмқәа МКС аборт аҿы ишыҟоу аекипаж рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭаргыло. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Уажәы астанциаҿы аус руеит хҩык, аамҭақәак рышьҭахь урҭ аҽа екипажк ирыԥсахуеит. Аха уа иҟоуп иааиԥмырҟьаӡакәа инхо амикроорганизмқәа. 100 инарзынаԥшуа еиуеиԥшым амикроорганизмқәа МКС аборт аҿы инхоит. Дара аамҭа-аамҭалагьы рҽырыԥсахуеит. Урҭ акосмонавтцәа рыԥсҭазаареи ргәабзиареи рзы ишшәарҭоу адагьы астанциа злашьақәгылоу аметалл, апластик хырфаауеит", — иҳәеит аҵарауаҩ.

Аинфекциақәа рҟынтәи ауаҩы иимунизациа апроблемақәа ирылацәажәан ииасыз амчыбжь азы РАН амедико-биологиатә проблемақәа Ринститут аҿы.

Урыстәыла, Америка, Европа, Канада, Иапониа рҟынтәи аҵарауааи аҳақьымцәеи акосмос аҿы ԥхьаҟатәи аусурақәеи, амедико-биологиатә ҭҵаарақәа рынагӡареи ирылацәажәеит.