Шәачаҟа иаауаз адәыӷбақәа рныҟәара аамҭала иаанкылоуп

Макьанагьы Шәача иахьаҵанакуа ақәоуреи аԥшасре хымкәац. Иаха илеиз ақәаршҩыцәгьа иахҟьаны афедералтә трассаҿ аныҟәара аанкылоуп.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 25 – Sputnik. Аихамҩа аӡы ахьаҵоу иахҟьаны Тҟәаԥсҟа иаауаз адәыӷбақәа 11 аанкылоуп. Апассаџьырцәа фатәы-жәтәыла еиқәыршәоуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Уаанӡатәи адыррақәа рыла ахаша, тҟәаԥс араион иахьаҵанакуа аӡқәа хыҵны иҟоуп, ҭыԥқәак рҿы ауаа рынхарҭақәа ирхыгоуп, аоперативтә маҵзурақәа арежим ҷыдала русура мҩаԥыргоит.

"Уажәтәи аамҭазы рныҟәара аанкылоуп адәыӷбатә реисқәа: №803 Краснодар – Имеретинский курорт; №242 Адлер – Иркутск; №344 Адлер – Челиабинск; №84 Адлер – Москва; №140 Адлер – Новосибирск; №680 Адлер – Владикавказ; №812 Адлер – Маиҟәаԥ; №36 Адлер – Санкт-Петербург; №801 Краснодар – Адлер; №813 Маиҟәаԥ – Адлер; №816 Роза Хутор – Краснодар", — ҳәа аҳәоит аихамҩатә еилахәыра адырраҭараҿы.

Аилахәыра апресс-маҵзура адыррақәа рыла аихамҩа аусзуҩцәа ирылшо зегь ҟарҵоит адәыӷбақәа рныҟәара аиҭашьақәыргыларазы ҳәа.