АҞӘА, жьҭаара 26 — Sputnik. Краснодартәи атәылаҿацә аҿы циклон ҳасабла ииасыз амшцәгьа иахҟьаны иҭахаз рхыԥхьаӡара фҩык рҟынӡа инаӡоит. Аҽа хҩык аахақәа рымоуп, аӡәы хабарда дыбжьаӡуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости арегион Атагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра ахаҭарнак иажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.
"Ишьақәыргылоу адыррақәа рыла, арегион иахьаҵанакуа иҭахаз рхыԥхьаӡара фҩык рҟынӡа инаӡоит. Аҽа хҩык аахақәа рымоуп, аӡәы хабарда дыбжьаӡуп", — иҳәоит АҶА ахаҭарнак.
Амшцәгьақәа ирыхҟьаны аӡқәа хыҵны ауаа рынхарҭақәа ирыҵалеит. 1846 ҩны рахь аӡы неиит. Афымцалашара ахьыҟам рацәоуп. Аҭыԥ аҿы аҭагылазаашьа ҷыда арежим аԥҵоуп, иҟоуп зынхарҭа ҭыԥқәа ирхыгоу ауаагьы.
Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит.