Приморие аидарамҩангага зқәысуаз ацҳа бгеит

Иҟоу адыррақәа рыла аӡә дҭахеит, аха макьаназ иныҭкааны ишьақәыргылам избанзар амашьына лас заҟаҩ апассаџьырцәа ҭаз еилкаам.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 26 — Sputnik. Приморие аидарамҩангага фура зқәысуаз ацҳа анҭаҳауаз иаҵысуаз амашьыналас иақәҳаит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Иҟоу адыррақәа рыла аӡә дҭахеит, аха макьаназ иныҭкааны ишьақәыргылам избанзар амашьына лас заҟаҩ апассаџьырцәа ҭаз еилкаам.

"Приморие атәылаҿацә, Михаиловтәи араион автомҩа Осиновка — Руднаиа Пристань амҩа ахәҭаҿы Осиновка ихыз ацҳа ҭаҳаит. Ацҳа анҭаҳауаз аамҭазы иара иқәсуан аидарамҩангага фура", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Урыстәыла АҶА ишаанацҳауа ала, ацҳа аҭаҳара зыхҟьаз афура ахьанҭара ахьазышьҭымхыз ауп.