Авидео аҿы алымҳа змоу аашьап рбеит

Аашьап (осьминог) аӡбахә рылаҵәеит ахахьы алымҳаԥшра змаз ацҵа ахьамаз. Уи иара амультфильм аперсонаж еиԥшнатәуан.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 29— Sputnik. Аашьап Думбо рбеит Калифорниа амшынҟәара иацәыхарамкәа ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Daily Mail адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

"Аԥхьа иара акамера аҿаԥхьа иӡсо ииасит, нас иааҳәны аашьап зегьы ҳнарбошәа ишьқьырит", — ҳәа еиҭеиҳәоит аҭҵааратә команда ахаҭарнак.

Амилаҭтә мшынтә ҳәырԥсарра Монтереи аҟны амшынҵатә шьха Девидсон ҭызҵаауаз амшынҵарауаа ркамерақәа иҭырхит ирбаз, Думбо захьӡу аашьап.