Меркель Ақьырсиан-демократиатә Еидгыла ахантәаҩра аанлыжьуеит

Цәыббрамзазы Меркель зхадараҿы дыҟоу аконсервативтә блок Ақьырсиан-демократиатә Еидгыла ареитинг 28% рҟынӡа илаҟәит.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 29 — Sputnik. Германиа аканцлер Ангела Меркель аконсервативтә блок Ақьырсиан-демократиатә Еидгыла алхрақәа раан лкандидатура ықәылмыргыларц лыӡбеит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Апартиа аиҳабы иалхра мҩаԥысраны иҟоуп ԥхынҷкәынмзазы.

Ангела Меркель апартиа ахантәаҩыс дыҟоуп 2000 шықәса раахыс. Германиа афедералтә еиҳабыра рхантәаҩы иалхра мҩаԥысраны иҟоуп 2022-шықәса рзы. Меркель ԥшьынтәуп инеиԥынкыланы аиҳабыра рхантәаҩы ҳәа далырхуеижьҭеи.

Амаҵзура DPA адыррақәа рыла Меркель апартиа ахантәаҩра мап шацәылкуагьы аиҳабыра рхантәаҩыс дшыҟоу даанхоит.