"Акаска шкәакәақәа" Алеппо ахимиатә бџьар ахархәара алдыршар ауеит

Уаанӡа ливантәи ателеканал "Аль-Маиадин" аҳәамҭа ҟанаҵахьан атеррористцәеи аиҿкаара "Акаска шкәакәақәа" аибашьцәеи ақалақь Джиср-аш-Шугур аҟынтәи Хирбет Амуд ашҟа ахимиатә бџьар ииаргон ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 30 — Sputnik. Шьамтәылан еиҿагыло аганқәа реиныршәараз Ацентр анапхгаҩы аинрал-леитенант Владимир Савченко аҳәамҭа ҟаиҵеит аиҿкаара "Акаска шкәакәақәа" аибашьцәеи ақалақь Алеппо ахь инеиит ахимиатә бџьар ахархәарала апровокациақәа рымҩаԥгаразы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Ан-Нусреи" "Акаска шкәакәақәеи" Идлиб ааигәара ахимиатә бџьар еизыргоит

"Уи амҩаԥгаразы апровинциа Алеппо иатәу ақалақьқәа Азаз, Мареа, Чобанбеи ахь инеиит аиҿкаара "Акаска шкәакәақәа" аибашьцәа" ҳәа иҳәеит Савченко.

Цәыббра анҵәамҭазы Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Вершинин аҳәамҭа ҟаиҵахьан Идлиб атеррористцәа ахимиатә бџьар ахархәара аинсценировкақәа мҩаԥыргоит ҳәа.

Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿ агәаанагара рымоуп арҭ аумҭақәа ззынархоу шьамтәылатәи аиҳабыратә мчрақәа рыхьӡ аҟьашьроуп ҳәа.