Бразилиа атәылахьчара аминистр: Мадуро иахҳәаразы ажәлара ҟалашьа змам ауп

Уаанӡа Америкатәи аҳәынҭқаррақәа реиҿкаара амаӡаныҟәгаҩ хада Луис Альмагро аҳәамҭа ҟаиҵеит Мадуро иахҳәаразы Бразилиа Венесуела иақәлар ҟалоит ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 30 – Sputnik. Бразилиа атәылахьчара аминистрс иҟалараны иҟоу Жаира Болсонару Аугусту Елену иҳәеит Николас Мадуро иахҳәаразы Бразилиа ахаангьы Венесуела ишақәымло. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Ари ҳара ҳадәныҟатә политика иаҿагылоит. Ҳара аҽа тәылақәак рыҩныҵҟатәи русқәа аҽрылагалара ҳагәҭакым", — ҳәа Folha de Sao Paulo Елену иажәақәа аанагоит.

Уаанӡа абасеиԥш аҳәамҭа ҟанаҵахьан Колумбиа адәныҟатәи аусқәа рминистрра. Агазеҭ Folha de Sao Paulo иакьыԥхьхьан Бразилиа ахада Болсонару, Мадуро иахҳәара иҭаххар, Колумбиа адгалара инаҭоит ҳәа хыҵхырҭак адыррақәа.