Ердоган шьамтәылатәи акурдцәа рганахьала аоперациа амҩаԥгара далацәажәеит

Ердоган иазгәеиҭеит аоперациа актив фаза лассы иалагараны ишыҟоу атәы.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 30— Sputnik. Ҭырқәтәыла ахада Таип Ердоган аҳәамҭа ҟаиҵеит хара имгакәа Ҭырқәтәыла шьамтәылатәи акурдцәа рганахь ала мҽхакыҭбаалатәи аоперациа иалагараны ишыҟоу. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Ердоган Ҭырқәтәылеи Урыстәылеи Шьамтәыла русеицура хра аманы ибоит

"Ҳара азин ҟаҳҵом Евфрат мрагыларатәи ахәҭахьы атеррористтә еилазаара аԥҵара, ашьақәыргылара. Ҳара хәҭа-хәҭала зегьы ықәаҳрыцқьоит", — иҳәеит иара Апарламенттә фракциа –Аиашареи аҿиареи рпартиа алахәылацәа рҿаԥхьа дықәгыло.

Анкара, Америка анапхгарала Евфрат мрагыларатәи ахәҭа хылаԥшра азҭо акурдцәа рхыхьчаратә мчрақәа, террористтә еиҿкаароуп ҳәа иаԥхьаӡоит.

Ажьырныҳәамзазы Анкара шьамтәылатәи Африн аҿы акурдцәа ирҿагыланы ажәылара анымҩаԥнага ашьҭахь ақалақь аҭырқәа ар рнапахьы ииасит.

Ердоган ишиҳәаз ала, Ҭырқәтәыла иагәҭакуп ара ашәарҭадаратә зона ашьақәыргылара. Иара иазгәеиҭеит Анкара Шьамтәылеи Ираки рҳәаа иаԥну аҭыԥқәа рҿы атерроризм иаҿагыланы аоперациақәа рымҩаԥгара.