Шьамтәыла "Аэрофлот" аҳаирпланқәа атәылахь иԥырларцаз ааԥхьара ҟанаҵеит

Шьамтәыла атранспорт аминистр Али Хамуд "Аэрофлот" ахь ааԥхьара ҟаиҵеит атәылахь аԥыррақәа ирылагарц азы.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 1 – Sputnik. Шьамтәыла атранспорт аминистрра "Аэрофлот" ахь ааԥхьара ҟанаҵеит атәылахь аԥыррақәа ирылагарц азы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Урыстәылатәи аҳаиртә еилахәырақәа 2012 шықәса нанҳәамзазоуп Дамаскҟа рҳаиртә ӷбақәа рыԥырра анааныркыла. Уажәы Москвеи Дамаски рыбжьара аԥырра мҩаԥнагоит авиоеилахәыра Cham Wings.

"Ҳара ааԥхьара ҟаҳҵоит "Аэрофлот" Шьамтәылаҟа ихынҳәырц азы, жәларбжьаратәи аилахәырақәа рыгәҭа ираԥхьатәихарц", — иҳәеит Шьамтәыла атранспорт аминистр Хамуд.

Аминистр иҳәеит Урыстәыла Шьамтәыла атерроризм иаҿагылан ақәԥараҿ рахьа адгылара азҭаз тәылоуп ҳәа.