Урыстәыла, Индиа, Иран атранспорттә коридор ҿыц аԥырҵоит

Урыстәыла, Индиа, Иран ирыгәҭакуп жәларбжьаратәи атранспорттә коридор ҿыц аусура аларгара. Акоридор ҿыц Суецктәи аканал ази иальтернативаны иҟалоит.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 1 – Sputnik. Урыстәыла, Индиа, Иран абҵарамзазы иалацәажәараны иҟоуп жәларбжьаратәи атранспорттә коридор "Север — Юг" аусура аларгара ҳәа аанацҳауеит РИА Новости сирантәи ателеканал Press TV адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Акоридор аура 7,2 тнызқь километра артәоит.

Апроект ҿыц аҿы ахархәара роуеит аихамҩатәии аӡытәи транспортгьы. Атауарқәа Индиантәи Иранҟа, ақалақь Бендер-Аббас ахь инарышьҭлоит, уантәи Каспи амшынԥшаҳәахь, Бендер-Ензели ахь. Уантәи мшынла Астраханынӡа инарышьҭлоит. Астрахантәи атауар еихамҩала Европаҟа амҩа иқәырҵоит.

Ари амҩала атауар амҩангара аамҭеи ахәԥсеи еиҳа еиҵахоит Суецктәи аканал ахь ала амҩангараасҭа 30-40 процент рыла.

Иазыԥхьагәаҭоуп амҩа ҿыц ала шықәсык аҩныҵҟа 20-30 миллион тонн аидара амҩангара.