Ермантәыла Апарламент Пашиниан икандидатура еиҭах мап ацәнакит

Ермантәыла Апарламент Пашиниан икандидатура еиҭах мап ацәнакит. Атәыла аконституциа инақәыршәаны Жәлар реизара еимырпхароуп.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 2 – Sputnik. Ермантәыла Апарламент аҽазныкгьы аԥыза-министрс Николо Пашиниан икандидатура мап ацәнакит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Пашиниан заҵәык иакәхеит Ермантәыла аԥыза-министрс зкандидатура ықәыргылахо

Атәыла аконституциа инақәыршәаны Жәлар реизара еимырпхароуп. Пашиниан изы аӡәгьы ибжьы имҭиӡеит, 13-ҩык апарламентарицәа абжьыҭира рҽацәхьаркит.

Ермантәыла аполитикатә кризис аҭыԥ аиуит Никол Пашиниан аԥыза-министрс адепутатцәа иалхра мап ахьыцәыркуазы.

Уаанӡа, жьҭаара 24 рзы Ермантәыла Апарламент аилатәараҿ мап ацәыркит Пашиниан икандидатура. Уи алагьы ихацыркын азакәанԥҵаратә орган аушьҭра апроцедура.

Жьҭаара 16 рзы Ермантәыла аԥыза-министр Никол Пашиниан Ауаажәларратә телехәаԥшрала аҳәамҭа ҟаиҵеит инапынҵақәа шышьҭаиҵо азы.

"Сара ԥхьатәара сцоит. Алхрақәа раан зегьы ақәҿиарақәа рзеиӷьасшьоит. Алхрақәа ламысцқьала ишымҩаԥысуаз агәра шәҳаргоит", — иҳәеит иара.

Иара убасгьы иҳәеит апарламенттә алхрақәа рҟынӡа инапынҵақәа шынаигӡало. Ермантәыла Аконституциа инақәыршәаны, атәыла аԥыза-министр ԥхьатәара данца ашьҭахь жәиԥшьымш рыҩныҵҟа аԥыза-министр ҿыц далхтәуп. Алхрақәа ҩынтә изышьақәымгылар апарламент аилазаара аурышьҭуеит, изаамҭанытәым апарламенттә алхрақәа мҩаԥыргоит.

Пашиниан жьҭаара 2 рзы идгылаҩцәа аҿагыларатә акциа амҩаԥгарахь дрыԥхьеит иара убасгьы аминистрцәа амихит. Жьҭаара 8 рзы Пашиниан алаҳәара ҟаиҵеит апартиа "Процветающая Армения" аиҳабы Гагик Царукиани иареи ԥхынҷкәынмзазы заанаҵтәи апарламенттә алхрақәа рымҩаԥгаразы амеморандум рнапы шаҵарҩыз азы.

Мшаԥымза 13 инаркны атәылаҿ аоппозициа рықәгыларақәа мҩаԥысуан. Уаанӡа атәыла ахадас иҟаз Серж Саргсиан иҿагылон иаргьы ԥхьатәара дцар акәхеит. Лаҵарамза 8 рзы апарламент атәыла аԥыза-министрс далырхит аоппозициа ахада Пашиниан.