Кирилл Вышински ихақәиҭтәразы Москва имҩаԥысит аманифистациа

Уаанӡа Москва украинатәи амчрақәа рахь адҵа ҟанаҵахьан апортала РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински ихы дақәиҭыртәырц.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 2 — Sputnik. Аманифистациа иалахәын шәҩык рҟынӡа ауааԥсыра: аҳәынҭқарратә дума адепутатцәа, азинхьчаҩцәа, иҩызцәа, ажурналистцәа, иколлегацәа, МИА "Россия сегодня" адиректор хада Дмитри Киселев, амедиахолдинг, ателеканал адиректор хада RT Маргарита Симониан.

"Кирилл дааныркылеит ара атеррористтә актқәа рымҩаԥгара зыгәҭакыз ауаа рыла дрыԥсахырц. Аусӡбара еиҭаҵуам, ажурналист иганахь ҿарԥа рымам", — ҳәа иҳәеит Киселев.

Аманифистантцәа рахь Украина Ацҳаражәҳәарҭаҟынтәи уаҩ дрыҿцәажәарц ддәылымҵит.

Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адҵа ҟанаҵеит Вышински доурышьҭырц

Аԥшьаша, абҵара 1 азы Херсонтәи ақалақьтә ӡбарҭа апортал РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински иаанкылара аҿҳәара иацнаҵеит ԥхынҷкәын 28 рҟынӡа. Уи атәы аанацҳаит РИА Новости.

"Вышински иаанкылара аҿҳәара иацҵоуп ԥхынҷкәын 28 рҟынӡа", — иҳәеит иара идукат Андреи Доманскигьы.

Вышински иаанкылара уаанӡатәи аҿҳәара нҵәоит абҵара 4 рзынӡа. Вышински даанкылан Киев, лаҵара 15 2018 шықәса рзы. Ажурналист аҳәынҭқарра аԥсахра мҩаԥигоит ҳәа ахара идырҵоит. Абри ахәҭаҷ ала иазыԥхьагәаҭоуп 15 шықәса рҟынӡа ҭакрала ахгара.

Херсонтәи ақалақьтә ӡбарҭа лаҵара 17 рзы Вышински даанкылатәуп ҳәа аӡбара аднакылеит. Аӡбарҭа аилатәараан Вышински Урыстәыла ахада иахь ацхыраара даҳәеит. Иара убасгьы аҳәамҭа ҟаиҵеит Украина атәылауаҩра мап шацәикуазы.

Владимир Путин аҭагылазаашьа зеиԥш ҟамлац ауп ҳәа ахиҳәааит. Москва Киев аҿагыларатә нота азынанашьҭит, апресса ахаҭарнакцәа рықәымчра иаҟәыҵырц.