Замби ирымԥыхьашәеит кьылак зкапануаз аизумруд

Иааиуа амзазы аизумруд Сингапуртәи аукцион аҿы ицәырыргоит.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 2— Sputnik. Хәызмоу ахаҳә ҳәа иԥхьаӡоу аизумруд замби ирыԥшаати. Иара акапан хә-нызқьи бжаки карат иҟоуп, ԥарала ахәшьара 170 миллион мааҭ ҟанаҵоит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Daily Mail адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Аизумруд нрыԥшааит агеолог Дебаприа Ракшити ашахтер Ричард Капетеи, британиатәи аилахәыра иатәу ашахтаҿ. Ахаҳә Инкаламу (алым) ҳәа хьӡыс иарҭеит.

"Инкаламу аԥшшәы-ҵәцара амоуп. Уи ала егьырҭ аизумрудқәа иреиԥшымкәа иҟоуп", — ҳәа лҳәеит хәызмоу ахаҳәқәа рзы аҟазауаҩ Елена Басалиа.