Америка Иран аганахь ала асанкциақәа хацнаркит

Иран иаҿагыло америкатәи асанкциақәа хацыркхеит ашәахьа, жьҭаара 5 рзы.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 5 — Sputnik. Америка, 2015 шықәсатәи аиадертә программа аганахь ала анапы зҵаҩыз аусурақәа рыплан инақәыршәаны аԥкрақәа рзы ауснагӡатәқәа еиҭарылагеит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Убраанӡа, ЕАШ амаӡаныҟәгаҩ хада Маик Помпео аҳәамҭа ҟаиҵахьан аԥкрақәа рсиа 600-ҩык рҟынӡа ахатәхаҿқәеи аилахәырақәеи аҵанакуеит ҳәа. Иара иажәақәа рыла аԥкрақәа ирантәи арежим анырра рзыҟарҵароуп.

Ҭырқәтәыла Иран иадҟарҵало асанкциақәа рыдгылара агәы иҭам

Помпео иара убасгьы иазгәеиҭеит асанкциақәа Иран аекономика анырра шрырҭахьоу, избанзар европатәи рпартниорцәа рбизнес атәыла алгара иалагеит азы.

Ииасыз амчыбжь азы аиатолла Али Хаменеи аҳәамҭа ҟаиҵеит ЕАШ асанкциақәа рхархәарала атәыла аекономика ржәагәар рҭахын аха уи Иран иаԥырхаганы иҟамлеит ҳәа. Иран уаанӡа аимпорт иадҳәалазар, уажәы ахатәы аалыҵ аарыхра аԥыжәара анаҭоит иҳәеит иара.

Иран, Урыстәыла, ЕАШ, Британиа, Китаи, Франциа, Германиа ԥхынгәы 14 2015 шықәса рзы еиқәышаҳаҭхеит ирантәи атом аҭышәныртәаларазы, ирыдыркылеит еицымҩаԥыргаша аплан, аха 2018 шықәса рзы Дональд Трамп аҳәамҭа ҟаиҵеит аиқәшаҳаҭра Америка алҵуеит ҳәа.

Иара убасҟан Америка ахада иазгәеиҭеит уаанӡатәи асанкциақәа еиҭашхацыркхо.