Ҭаҭарсҭан "Хизб ут-Тахрир" агәыԥқәа рхадацәа нкылоуп

Урыстәыла АШәМ, ААР, Росгвардиа ргәыԥқәа Ҭаҭарсҭан, Азнакаевски Бугульмински араионқәа рҿы аперациа ҷыдақәа мҩаԥыргеит.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 6— Sputnik. Ҭаҭарсҭан "Хизб ут-Тахрир аль-Ислами " агәыԥқәа рхадацәа ныркылеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Азинмчратә органқәа ринформациала иаанкылоу русура мҩаԥыргон аҳәаанырцәтәи ркураторцәа рыдҵақәа инарықәыршәаны. атеррористтә еиҿкаара аус ауан аунитартә ҳәынҭқарра — "Всемирныи халифат" аԥҵара адоктрина инақәыршәаны. Адоктрина иазыԥхьагәанаҭоит иҟоу атәыла амчра ахҳәарар, аттеррористтә методқәа рыхрархәарала.

Уи адагьы аиҿкаара алахәылацәа реиҿкаара "Хизб ут-Тахрир аль-Ислами" иадрыԥхьалон аԥсылманцәа.

Иаанкылаз рҟны имҩаԥгаз аԥшаарақәа раан ирбеит аемиссарцәа рабжьагарақәа, еиуеиԥшым атеррористтә литература, аҳасабырбақәа русура шымҩаԥысуаз азы.

Аҵыхәтәантәи ашықәс азы Урыстәылеи Абжьаратә Азиа атәылақәеи рҟны иааныркылахьеит 150-ҩык рҟынӡа атерроризм аус ацызуа ауааԥсыра.