АҞӘА, абҵара 7 — Sputnik. Урыстәыла Китаиҟа аҵламаҭәахә ашьҭра аамҭала иааннакылар ауеит иҳәеит аекологиеи аԥсабаратә ресурсқәеи рминистр Дмитри Кобылкин. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
"Китаи — аҵламаҭәахә ахьаҳҭиуа иреиҳау џьармыкьатә ҭыԥуп. Сара китаитәи сколлега иасҳәеит аҭагылазаашьа ишахәҭоу еиԥш ианаҳзеиҿымкаа аамҭала аҵламаҭәахә аҳәаа ахыгара аанаҳкылар акәхоит ҳәа", — иҳәеит аминистр.
Урыстәыла аекологиеи аԥсабаратә ресурсқәеи рминистр Дмитри Кобылкин иажәақәа рыла, асеиԥш аамҭала акәхоит ианыҟало. Иахьазы закәаншьаҭада абнарақәа рыхшьаареи аҵламаҭәахә аҳәаанырцә ашьҭреи аԥҟаррақәа ирықәныҟәо иҟаҵатәуп иҳәеит иара.
Кобылкин китаитәи атәыла аиҳабыра ирабжьигеит Урыстәыла 10-20 рҟынӡа аҵлаеиҵааӡарҭақәа дыргыларц, абнарақәа реиҭашьақәыргыларазы.
"Аҵламаҭәахә шәҭахызар – ҳабнарақәа шьақәшәыргылааит", — иҳәеит иара.