Дональд Трамп Америка апрокурор хада Џьефф Сешнс ԥхьатәара дишьҭит

Америка ахада изныкымкәа Сешнс акритика изиухьан уи аиустициа аминистрс иҟазаараан, аминистрра аусзуҩцәа иара иганахь ала ачарҳәара руеит ҳәа агәаанагара ахьимоу азы.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 8— Sputnik. Еиду аштатқәа рхада Дональд Трамп аҳәамҭа ҟаиҵеит апрокурор хада Джефф Сешнс ԥхьатәара дшишьҭыз азы. Абир атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Ҳара агәахәара ҳнаҭоит Метиу Уитакер, апрокурор хада Џьефф Сешнс иаппарат ахада, ЕАШ апрокурор хада инапынҵақәа рынагӡара дахьалаго", — ҳәа иҩуеит Трамп Twitter аҿы.

Америкатәи ахада Сешнс иусуразы ҭабуп ҳәа иеиҳәеит.

Уаанӡа Аҩны шкәакәа ахада ажурналистцәа аинтервиу рыҭо иҳәахьан ЕАШ атәылахьчара аминистр Џьеимс Меттисгьы ԥхьатәара дцар шыҟало атәы.

Трамп иҳәеит иусбарҭаҿы егьырҭ аиҭакрақәагьы ҟалар шалшо.