Ҟәыбан иазыԥхьагәаҭоуп атермалтә курорт ду аргылара

Краснодартәи атәылаҿацә, Мостовтәи араион аҿы иазыԥхьагәаҭоуп Урыстәыла зегь аҟны иреиҳау агәабзиарачаԥаратә курорт аргылара.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 8– Sputnik. Иазыԥхьагәаҭоу акурорт аҿы аамҭакала аԥсшьара рылшоит х-нызқьҩык рҟынӡа ауааԥсыра ҳәа аанацҳауеит "Кубань 24".

Иазгәаҭоуп агәабзиарахьчаратә комплекс актәи ахәҭа аусура ишалагахьо. Аус руеит 60 рҟынӡа шьҭаларҭа, спа-центр, ахәыҷқәа рзы аттракционқәа, абассеин.

Атәылаҿацәтә инвистициатә Департамент аиҳабы Иури Волков иажәақәа рыла, абольнеологиа аҿиара Ҟәыбан акурорттә усхк аҟны реиҳа ихадараны иҟоу хырхарҭоуп. Лабинсктәи араион аҿы иҟоуп 20 рҟынӡа ӡырԥха. Урҭ рҟынтәи аус руеит – жәба.

"Ҳара арҭ аҭыԥқәа аинвесторцәа рҿаԥхьа иӡыраагоит. Хара имгакәа Москвагьы иӡыраагараны ҳаҟоуп. Атәылаҿацә аҿы зыпроектқәа аусура иаҿу ма иалагараны иҟоу рганахь ала еиуеиԥшым аԥыжәарақәа мҩаԥгахоит ашәахтәқәа рганахь ала", — иҳәоит Волков.

Мостовтәии Лабинсктәии араионқәа рҿы уажәы акурорттә сезон иаамҭоуп.