"Ералаш" алахәылацәа ирылукаауаз актер Николаи Румианцев иԥсҭазаара далҵит

Еицырдыруаз актер Николаи Румианцев, аиумористтә киножурнал "Ералаш" алахәыла иԥсҭазаара далҵит абҵара 8 рзы 54 шықәса дшырҭагылаз.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 9 – Sputnik. Урыстәылатәи акиноактер Николаи Румианцев иԥсҭазаара дшалҵыз атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Николаи Румианцев дыхәмаруан акинофильмқәа "Весенняя олимпиада, или Начальник хора", "Прилетал марсианин в осеннюю ночь" рҟны аха ауаа дрылаҵәаны дырдыруа дҟалеит ахәыҷтәы киножурнал "Ералаш" иалахәхарала.

"Ералаш" асахьаркыратә напхгаҩы Борис Грачевски иҳәеит Румианцев акраамҭа дырхамшҭуа ишьҭа шаанижьыз.

"Ҳаԥхьаҟагьы имаҷымкәа абиԥарақәа гәахәарыла иахәаԥшлоит Колиа инеигӡоз арольқәа", — иҳәеит Грачевски.

Николаи Румианцев анышә дахьамардои данамардои ртәы макьаназ иаламцәажәацт.