Донецктәи жәлар рреспубликаҿ алхрақәа еилагарада имҩаԥысит

Уаанӡа Донецктәи жәлар рреспублика Ацентртә алхратә комиссиа аҳәамҭа ҟанаҵахьан 22 тәыла рҟынтәи анаԥшцәа атәылахь иааиит ҳәа, Донецки Лугански рхадацәеи рдепутатцәеи ралхра иалахәхарцы.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 12 – Sputnik. Ареспублика Ҟрым аҟынтәи асенатор Сергеи Цеков иҳәеит алхрақәа иарбанызаалак еилагарак рымамкәа имҩаԥысит ҳәа.абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Ауаа рацәаҩны иааиуеит. Алхратә процесс еилагарак адсымбалеит. Алхыҩцәеи сареи ҳаицәажәеит. Зегьы ибзианы еилыркаауеит урҭ ирымоу аҵакы", — иҳәеит Цеков.

Бельгиатәи апарламент, наԥшҩык иҳасаб ала алхрақәа ирылахәыз Иан Пенрис иазгәеиҭеит аиҿкаара шьахә. Бырзентәылатәи анаԥшҩы Костас Исихос иҳәеит алхрақәа минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа ишырҿамгыло.

"Иахьа алаԥшқәа зегьы Донецки Лугански ирзырхоуп. Шәызну адемократиатә мҩа европаа аҵашьыцыртә иҟоуп" — иҳәеит Костас.

ДЖәР ахадас ҳәа ркандидатурақәа ықәыргылоуп хәҩык. Далхуп ҳәа дыԥхьаӡахоит абжьеиҳа зауз акандидат. Апарламент ахь акәзар иалырхраны иҟоуп 100-ҩык адепутатцәа.