Калифорниа абнақәа амца ахьыркыз иахҟьаны иҭахаз рхыԥхьаӡара иацлеит

Абҵара 8, ашьыжь Калифорниатәи ақалақь Парадаис аҿы амцакра ду ҟалеит. Уи ақалақь зегьы амҽханакит. Ауааԥсыра ақалақь иалыргеит.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 12 — Sputnik. Калифорниа иҟалаз амцакра иахҟьаны иҭахеит 29-ҩык, хабарда ибжьаӡит 228-ҩык ҳәа аанацҳауеит РИА Новости ателеканал KRON4 адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Ателеканал адыррақәа рыла 6,4 нызқь ҩны блуп, 15 нызқь ҩны шеилаҳара иҟоуп. Амца иамҽханакит 45 нызқь гектар.

3,5 нызқьҩык ауааԥсыра аамҭалатәи аангыларҭақәа рахь инагоуп.

Абҵара 8, ашьыжь Калифорниатәи ақалақь Парадаис аҿы амцакра ду ҟалеит. Уи ақалақь зегьы амҽханакит. Уаанӡа иареиԥш зымҽхак дуу амцакра арҭ аҭыԥқәа рҿы иҟамлацызт.