Маикл Џьексон икьаҿ аукцион аҿы х-нызқь доллар ҳәа ирҭиит

Уи адагьы аукционтә Ҩны Julien's Auctions аҟны ирҭиит Елвис Пресли, Боба Дилана, Ерик Клептон релектрогитарақәа, Арета Франклин лыҵки лшьаҵеи, Мадонна лыхәдахаҵа.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 12— Sputnik. Маикл Џьексон икьаҿ аукцион аҿы 298 —нызқь доллар ҳәа ирҭиит аукционтә Ҩны Julien's Auctions аҟны аанацҳауеит РИА Новости аукционтә Ҩны Julien's Auctions адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Аукционтә Ҩны аинформациала акьаҿ аԥхьанатәтәи ахәԥса 80-100 нызқь доллар ыҟан.

Иара абри акьаҿ ауп ашәаҳәаҩ актәи иконцерттә тур Bad Tour аан (1987 – 1989) ишәыз.

Аукцион ахь инагаз алотқәа рсиа иаҵанакит 800 рҟынӡа маҭәеи маҭәари, уаанӡа арок-нагӡаҩцәа рхы иадырхәоз.

50-шықәса ирҭагылаз Маикл Џьексон иԥсҭазаара далҵит рашәарамза 25 2009 шықәса рзы. Артист анышә дамадоуп Лос-Анджелес ақалақь аҟны.