Путини Трампи Париж еиԥылеит

Актәи адунеизегьтәи аибашьра аилгара шәы-шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә церемониа мҩаԥысуан Париж.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 12— Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путини Америка ахада Дональд Трампи Атриумфалтә арка аҿаԥхьа, Париж еиқәшәеит. Ара имҩаԥысуеит Актәи адунеизегьтәи аибашьра аилгара шәы-шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә церемониа ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Урыстәыла ахада аҳаиртә баӷәазаҟынтә инеира ақәшәеит 70-ҩык рҟынӡа аҳәынҭқаррақәа рхадацәеи реиҳабцәеи Елисеитәи ахан аҟынтәи аманумент ахь рхы андырхоз.
Атрибунаҿ иара дивагылан Франциа ахада иԥҳәыс Брижит Макрон.

Иҭыԥ ахь днеиуанаҵы аԥсшәа реиҳәеит Франциа ахада Макрон, ФРГ аканцлер Ангела Меркель, Америка ахадаТрамп, иԥшәмаԥҳәыс Меланиа.

Актәи адунеизегьтәи аибашьра аилгара шәы-шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә церемониа мҩаԥысуан Париж, абҵара 11 рзы.

Актәи адунеизегьтә еибашьра (1914—1918шш.) иалахәын 38 ҳәынҭқарра, усҟан иҟаз 59 ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа рҟынтәи.

Аибашьра цонаҵы арра ирыԥхьан 70 миллионҩык, иҭахеит 10 миллионҩык рҟынӡа. Аиҳарак ацәыӡ ду роуит Германиа, Урыстәыла, Франциа, Австро-Венгриа.