Саудтәи Аравиа анефҭ аҵхра еиҵаҳтәуеит ҳәа иҟанаҵаз аҳәамҭала анефҭ ахәԥса халеит

Саудтәи Аравиа аҳәамҭа ҟанаҵеит ԥхынҷкәынмза инаркны анефҭ аҵхра еиҵанатәуеит ҳәа. Абри инадҳәаланы анефҭ азы адунеитә хәқәа хало иалагеит.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 12– Sputnik. Анефҭ адунеитә хәыԥсақәа ашәахьа инаркны 1-1,5% ихалеит, Саудтәи Аравиа ԥхынҷкәынмза инаркны анефҭ аҵхра еиҵаҳтәуеит ҳәа аҳәамҭа иҟаҵаз иахырҟьаны. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Ашәахьа, ашьыжь асааҭ 8:49 инақәыршәаны амарка Brent ахәԥса 1,55% ихалеит, иартәеит 71,27 доллар баррельк азы, амарка WTI —0,96% ихалеит, иартәеит 60,77 доллар баррельк азы.

Атреидерцәа Саудтәи Аравиа аенергетика аминистр Халида аль-Фалиха иажәақәа: ԥхынҷкәынымзазы мышкы аҩныҵҟала 500 нызқь баррель еиҵаны анефҭ ыҵаҳхуеит, ҳәа ииҳәаз ргәы рҽаннаҵеит.