Симферополь ахада иалхра рҽаздырхиоит ақалақьуаа

Симферополь анапхгара аиндаҭлара рыларҳәараны иҟоуп ақалақь ахада иалхразы.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 13 – Sputnik. Симферополь ақалақь ахада иалхразы аиндаҭлара рыларҳәараны иҟоуп абҵара 16 рзы. Аиндаҭлара изҭаху ахалархәра илшоит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Аиндаҭлара изҭаху ахалархәра илшоит. Аиндаҭларатә комиссиа иаднакыло аӡбрала дшьақәыргылахоит ақалақь ахада", — иҳәеит Симферополь ақалақьтә хеилак ахантәаҩы Виктор Агеев.

Уаанӡатәи ақалақь ахадас иҟаз Игор Лукашев ԥхьатәара дцеит ихатәгәаԥхарала.