Урыстәыла аладатәи ахәҭаҿы амш бааԥс иахырҟьаны АҶА аҽазыҟаҵара амоуп

Урыстәыла АҶА Ростовтәи аобласти Краснодартәи атәылаҿацәи рҿы аурҭ ӷәӷәа ҟалар алшоит амшынцәқәырԥара духоит ҳәа адырра ҟанаҵоит.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 14 — Sputnik. 3,5 нызқьҩыки 1,3 нызқь ак техникеи аҽазырхиара ду рыманы иҟоуп Аладатәи афедералтә округ аҟны аҳауатә ҭагылазаашьа бааԥс ахьыҟоу инамаданы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Аԥсны иҟоу арратә округ аррамаҵзурауаа рыла ихаҭәааит

"3,5 нызқьҩыки 1,3 нызқь ак техникеи аҽазырхиара ду рыманы иҟоуп аҭагылазаашьа ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхразы", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Аминистрра адыррала абҵара 13 рзы Ростовтәи аобласти Краснодартәи атәылаҿацәи рҿы аурҭ ӷәӷәа ҟалар алшоит амшынцәқәырԥара духоит, аԥшаӷьы секундк ала 17 метра инаӡоит. Убри инадҳәаланы 60 рҟынӡа автобустә реисқәа рныҟәара аанкылоуп.

Амҩаҿы 110 крыфарҭеи ҽырԥхарҭеи азырхиоуп асоура иахҟьаны амҩа иқәнакыр зылшо рзы.

Урыстәыла АҶА апресс-маҵзураҿы иазгәарҭеит ацхыраара шырҭаху 110 рҟынӡа еидарамҩангага афедералтә мҩахәҭа М-4 "Дон" аҿы.

Росгидромети АҶА Ацентр "Антистихиеи" рдыррақәа рыла ациклон анырра ауеит Калмыкиа, Краснодартәи атәылаҿацә, Ростовтәи аобласт рҟны.