Ашықәс ҿыц аԥсшьарамшқәа раан Шәача миллионбжак аԥшьаҩцәа ирзыԥшуп

Афедералтә туроператорцәа адырра ҟарҵеит амшын иаԥну асасааирҭақәа рҟны анхараз атурқәа раахәара 20% ишхалахьо.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 15 — Sputnik. Шәача ақалақь аныҳәатә мшқәа раан 500 000-ҩык рҟынӡа атуристцәа ишырзыԥшу ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Ашықәс ҿыц аныҳәатә мшқәа раан 500 000-ҩык рҟынӡа атуристцәа ҳарзыԥшуп. Урҭ рҟынтәи 350 000-ҩык ашьхараҭыԥқәа рҿы аԥсшьара рҭахуп, 150 000-ҩык амшын иахьаԥну раамҭа рхыргарц рҭахуп", - иҳәеит Шәача ақалақь ахадара акурортқәеи ареакриациатә ресурсқәеи русбарҭа анапхгаҩы Сергеи Доморат.

Афедералтә туроператорцәа адырра ҟарҵеит амшын иаԥну асасааирҭақәа рҟны анхараз атурқәа раахәара 20% ишхалахьо.

"Аномерқәа макьаназ ишыҟоугьы урҭ иҭацәу рхыԥхьаӡара еиҳа-еиҳа еиҵахоит", - иҳәеит Доморат.