Андреи Карлов ишьра аусҭҵаара хдырқәшеит

Ҭырқәтәыла иҟаз Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Андреи Карлов иехсны дыршьит ԥхынҷкәын 19 2016 шықәса рзы, Анкара афотоцәыргақәҵа "Россия от Калининграда до Камчатки глазами путешественника" аартраан.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 16 - Sputnik. Ҭырқәтәыла иҟаз Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Андреи Карлов ишьра аусҭҵаара хдыркәшеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости амаҵзура Anadolu адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Карлов ишьра еиҿикааит ҳәа агәҩара ззыҟоу даанкылоуп

Ҭырқәтәыла иҟаз Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Андреи Карлов дҭархан 2016 шықәса ԥхынҷкәын 19 рзы. Ҭырқәтәыла аполициа дааныркылеит Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Андреи Карлов дызшьыз Мевлиут Алтынташ.

Иара Фетхуллах Гиулен (FETO) иоппозициатә гәыԥ далоуп ҳәа ишьақәыргылан. Уаанӡа убри инадҳәаланы иара иусура дамхын. Алтынташ ихы иаирхәон апрограмма ByLock. Аҭырқәа мчрақәа ргәаанагарала иара ахархәарала FETO алахәылацәа ишифырку адыррақәа рибаҭоит.

Уаанӡа урыстәылатәи Ацҳаражәҳәаҩ ишьра иалахәуп ҳәа иааныркылахьан хәҩык ауааԥсыра: аполициауаа хҩык, аҭыжьырҭатә гәыԥ Guru Medya аиҳабы Хаиреддин Аидынбаш, Карлов дахьыршьыз ацәыргақәҵа аиҿкааҩ Мустафа Тимур Озкан.