Иахьазы зыԥсы ҭоу асахьаҭыхыҩцәа еиҳа зырҿиамҭақәа рыхәԥса дуу шьақәыргылоуп

Аукцион Christie"s прошмҩаԥысит Ниу-Иорк, абҵара 15 рзы. Уаҟа ицәырган аибашьра ашьҭахьтәии ҳаамҭазтәии аҟазара арҿиамҭақәа.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 16 - Sputnik. Ҳаамҭазтәи асахьаҭыхыҩ ду Девид Хокни иҭыхымҭа "Портрет художника" аукцион Christie"s аҿы 90,3 миллион доллар ҳәа иҭиин ҳәа аарыцҳауеит аукцион Аҩны ахаҭарнакцәа.

"Портрет художника" Хокни иҭихит 1972 шықәса рзы. Иара аԥхьатәи ахәшьарала 18 миллион доллар иаԥсан.

Уаанӡатәи арекорд шьақәиргылахьан америкатәи асахьаҭыхыҩ Джефф Кунс. Асахьа "Собака из воздушных шариков" 58,4 миллион доллар ҳәа иҭиин 2013 шықәса рзы.