Арадио

Маланиаԥҳа: сынтәа Аԥсны зыԥсы зшьоз ауаа ахҳәаа бзиа ҳзыҟарҵеит

Атурфирма "Аԥсны-тур" ахада Елизавета Маланиаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы ицо адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҿы еиҭалҳәеит сынтәатәи акурортә аамҭа шымҩасыз атәы.
Sputnik
Коӷониаԥҳа лымҩаду: Маланиаԥҳа 2018-тәи ашықәсазтәи акурортә сезон амҩасшьа иазкны

"Асезон мҩаԥысит ицәгьамкәа, ҵыԥх аасҭа иаҳа еицәан. Ҳара ҳаҭала сынтәа аус рыдааулеит 2400 инарзынаԥшуа ауаа. Сынтәа аԥсшьаҩцәа ргәалаҟазаара бзиан, ианцозгьы Аԥсны шыргәаԥхаз рҳәон, уи даара ҳгәы иаахәеит. Сынтәа ирацәан амзызқәа аԥсшьаҩцәа ррхыԥхьаӡара маҷхара зыхҟьаз, иаҳҳәап Ҟрымтәи ацҳа аартра, Шәача ашьапылампылтә чемпионат амҩаԥысра, иара убас аԥсшьаҩцәа ржьара", — ҳәа азгәалҭеит Маланиаԥҳа.

Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.