Чикаго, 95-тәи аихагылаҟынтә алифт каҳаит

Алифт ахалараан изкыз аихатә тросқәа руак ԥҵәеит, иара ахаҭа акәзаргьы хланҵы иҭалеит.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 19 - Sputnik. Фҩык апассаџьырцәа зҭаз алифт Чикаго, Ханкок-центр 95-тәи аихагылаҟынтәи икаҳаит. Апассаџьырцәа дрылан зыбаҩ зтәымыз аԥҳәысгьы. Абри атәы аанацҳаит РИА Новости ателеканал CBS Chicago адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Алифт ахалараан изкыз аихатә тросқәа руак ԥҵәеит, иара ахаҭа акәзаргьы хланҵы иҭалеит. 11-тәи аихагылаҟынӡа ианнеи иаангылеит.

"Аԥхьаҵәҟьа зегь ҳҭахоит ҳәа сыҟан. Оумашәа ирццакны илбаауан алифт, нас акы ианҟьазшәа абжьы геит, иагьаангылеит", - иҳәеит апассаџьырцәа руаӡәы, атурист Хаиме Монтемаиор.

Убри аан апассаџьырцәа ирыздырамызт иарбан еихагылоу алифт ахьаангылаз.

Апассаџьырцәа алифт рҭыгара мҩаԥысуан х-сааҭк инарзынаԥшуа. Аӡәгьы ааха имамкәа еилгеит.