Путин Ҭырқәтәылаҟа днеиит "Турецкий поток" ашьҭаҵара ахыркәшара инадҳәаланы

Путин Ҭырқәтәылаҟа днеиит агазмҩангага "Турецкий поток" амшынтә хәҭа аргылара ахыркәшара инадҳәаланы. Ацеремониа мҩаԥысраны иҟоуп авидеоконференциа арежим ала.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 19— Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Сҭамбул днеиит. Уа имҩаԥысраны иҟоуп Ҭырқәтәыла ахада Таип Ердогани иареи реиԥылара ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Амшын еиқәа иахьаҵанакуа ихыркәшахеит агазмҩангага цәаҳәақәа ҩба амшынаҵала рышьҭаҵара. Амшын аҵала иҵгоуп 1,8 нызқь километра атрубақәа. Ҭырқәтәыла Амшын еиқәа иахьаԥну иргылоуп адкыларатә терминал ахыбреи амшынԥшаҳәа аинфраструктура аобиектқәеи.

Путини Ердогани иара убасгьы иалацәажәараны иҟоуп ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа, ргәаанагарақәа еимырдоит жәларбжьаратәи азҵаарақәа рзы.

Сынтәатәи ашықәс аҩныҵҟа Путини Ердогани хәынтә аиԥылара мҩаԥыргахьеит, 17-нтә ҭелла еицәажәахьеит.