АҞӘА, абҵара 20 — Sputnik. ООН мрагыларааигәатәи аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы акоординатор ҷыда Николаи Младенов аҳәамҭа ҟаиҵеит ООН Ашәарҭадаратә хеилак аҿы иқәгылараан асектор Газа аҿы аҭагылазаашьа акыр иуадаҩны, ишәарҭаны иҟоуп ҳәа. Абри атәы аанацҳаит РИА Новости.
"Израиль асектор Газа аҿы аҭагылазаашьа шыҭҟәацра ишыҟоу адыруазароуп. Усеиԥш ҟалаанӡа иаанкылатәуп. Иҟоу аимакқәа рҭыԥ иқәҵатәуп", — иҳәеит Младенов.
Иара иазгәеиҭеит "ҳнапы еиқәыԥсаны тәашьа ҳамам. Аҭагылазаашьа ҭышәныртәалатәуп" ҳәа.
Палестинатәи ацентртә Хеилак мап ацәнакит Израиль азхаҵара.
"Ҳара ҳаидгыланы аиҿцәажәарақәа рзы аҭагылазаашьақәа еиҿаҳкаароуп. Израиль-палестинатәи аимак аанкылатәуп. Арегион аҿы аҭынчра шьақәыргылатәуп", — иҳәеит Младенов
40-ҩык рҟынӡа палестинаа ахәрақәа роуит ашәахьаҽны израильтәи аруааи дареи реиҿагылараан асектор Газа аҩадатәи аҳәааҿ.
Абҵарамза алагамҭазы Израиль 160 хықәкы ириехсит асектор Газа аҿы, уахьынтәи иаарышьҭыз 460 ракета рҭакс. Палестинатәи аган аҟынтәи иҭахеит быжьҩык ауааԥсыра, израильтәи аган аҟынтәи аӡәы дҭахеит.