Интерпол ахада далхуп

Интерпол ассамблеиа хада 87-тәи асессиаҿ далырхит аиҿкаара ахада ҿыц – Аладатәи Кореиа ахаҭарнак Ким Чон Иан.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 21 – Sputnik. Аладатәи Кореиа ахаҭарнак Ким Чон Иан Интерпол ахадас далхуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Абжьыҭира мҩаԥган Дубаи имҩаԥысуаз Интерпол ассамблеиа хада 87-тәи асессиаҿ.

Ким Чон Иан идагьы абри аҭыԥ ахь иӡбахә ҳәан Урыстәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аинрал-маиор Александр Прокопчук.

Аусбарҭа ахада ҿыц иалхра мҩаԥысит жьҭаарамзазы уаанӡатәи Жәларбжьаратәи ашьаустә полициа апрезидент Мен Хунвеи ԥхьатәара данца нахыс.

Хунвеи ԥхьатәара данца ашьҭахь аԥҟара инақәыршәаны аамҭала инапынҵақәа неигӡон ихаҭыԥуаҩ аиҳабы Ким Чон Иан.