Арадио

Корсаииаԥҳа: ателехәаԥшраҿы аполитика рацәахазшәа збоит

Ателехәаԥшрахьы аҿар ирымаз азҿлымҳара змаҷхаз, иҟаҵатәузеи уи агәыбылра хынҳәырцаз, абри атәы Адунеизегьтәи ателехәаԥшра амш аҽны арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит ажурналист, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху алитературатә-мемориалтә музеи аиҳабы Светлана Корсаииаԥҳа.
Sputnik
Корсаииаԥҳа: ателехәаԥшраҿы аполитика рацәахазшәа збоит

"Аԥсуа телехәаԥшра, сгәанала, инаныгӡоз ароль иаҳа маҷк илаҟәхазшәа збоит. Аинтернет анцәырҵ ашьҭахь аҿар асоциалтә ҳақәа иаҳа ирызҿлымҳахеит.Изызҳауа аҿар ателехәаԥшра аинтерес ркырцаз иҟаҵатәу рацәазар ҟалап ҳаамҭазы. Ицәырҵит арлахҿыхратә программақәа, аха ателехәаԥшра иацәыӡит арҵаратә-арккаратә программақәа, аҿар рзы аинтерс зҵо, иртәу. Ателехәаԥшраҿы аполитика рацәахазшәа збоит", - ҳәа азгәалҭеит Корсаииаԥҳа.

Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.