АҞӘА, абҵара 21– Sputnik. Москватәи аобласт Зараиск археологиатә ԥшаарақәа рымҩаԥгараан аҭаҵәах зҭаз адомбеи ахыбаҩи раԥхьатәи ауаҩы инхарҭеи рбеит ҳәа аанацҳауеит Москватәи аобласт акультура аминистрра асаит.
Археологиатә експедициа анапхгаҩы, РАН акдемик Сергеи Лев еиҭеиҳәеит аҭаҵәах аҿы ишеизгаз ашьанҵалых маҭәарқәа.
Археологцәа иара убасгьы ирыԥшааит адомбеи ацқәа, абаҩқәа. Аарԥшрақәа аҵыхәтәантәи рымш азы амцаҽҳәаҿы ирыԥшааит абӷьыцԥшра змаз абырзал.
Асеиԥш иҟоу аԥшаах раԥхьатәиуп Зараисктәи ауаҩ игыларҭаҿ.