Арадио

Ласариаԥҳа еиҭалҳәеит Аԥсны ашьаҳариа ҭыжьра шалыршахаз атәы

Аҳәынҭқарра аинвестициатә маҵзура аусзуҩ аспециалист хада Саида Ласариаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иазгәалҭеит Гагра араион аҿы раԥхьатәи ашьаҳариа ҭзыжьуа ацех аартра шалыршахаз Аԥсны 2015 шықәса раахыс аус зуа альготтә кредиттә программа иабзоураны.
Sputnik
Ласариаԥҳа еиҭалҳәеит Аԥсны ашьаҳариа ҭыжьра шалыршахаз атәы

"Анаплакы "Зодиак" анапхгаҩы Амра Конџьариа иҭлыжьуан ача, абыржәы иаатит ашьаҳариа ҭыжьратә наплакы, лара илҭахуп егьырҭ афатә аалыҵқәа рҭыжьрагьы хацларкырц. Ҳәарада, ари аҩыза анаплакы аартра аԥара ду аҭахын. Апрограммала анаплакы аартра иазоужьын 66 миллион мааҭ. Апроект алхра мҩаԥысуан аекономикатә министрраҿы, акомиссиа иалнахыз апроект нашьҭхон Москваҟа, уаҟа иахәаԥшуан, иаҳа аекономика аҿиаразы иарбан проектқәоу ианаало. Абасала, иалыршахеит ашьаҳариа ҭыжьратә цех аартра", - ҳәа азгәалҭеит Ласариаԥҳа.

Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.